Џьо Баидени Еммануель Макрони ҭелла еицәажәеит
Џьо Баидени Еммануель Макрони ҭелла еицәажәеит

ЕАШ ахада Џьо Баидени Франциа ахада Еммануель Макрони ҭелла еицәажәеит, – ари атәы аарыцҳаит Аҩны шкәакәеи Елисеитәи ахани рпрессмаҵзурақәа рҟынтә.

Амаҵзурақәа рдыррақәа рыла, алидерцәа Франциа ахада Китаи ахь ивизити Таиван иазкә азҵаарақәеи.

Елисеитәи ахан аланарҵәаз аинформациа аҿы ишану ала, урҭ “Урыстәыла агәымбылџьбаратә агрессиа афон аҟны, Украина адгылара шьақәдырӷәӷәеит”.

Елисеитәи ахан аҟынтә ишаарыцҳаз, “Аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵара ахырхарҭала (Урыстәылеи Украинеи реибашьра), иара убас ЕАР аусԥҟа апринципқәеи ахыкәқәеи рынагӡараҿ Китаи ароль хада нанагӡоит”.

Ари ада, Баиден Европа арратә арӷәӷәара ахымԥадара дахцәажәеит. Еммануель Макрон америкатә иколлеқәа иқәиргәыӷит “Франциа ари азҵаараҿ ахатә роль ишахәҭоу еиԥш шынанагӡо”.