Екатерина Тикараӡе - Иахьа ишьақәыргылаз аҧкрақәа рыбзоурала авирус аларҵәара аанкылара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит
«Иахьазы 48 000 активтә фактқәа ҳамоуп, урҭ ҳархылаҧшуеит, урҭ рҟынтә 38 000ҩык раҟара апациентцәа аҩны рҽырыхәшәтәуеит, аҭаацәаратә ҳақьымцәа рхылаҧшра ала», — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе.
« 8000 раҟара аиарҭаҭыҧқәа реиқәыршәара ҳалшоит, уажәазы атәылаҿы 500 ҭыҧ иҟоуп, аха, ари арыцхә есымша аҽаҧсахуеит», — илҳәеит Тикараӡе.
Адәахьтәи госпитальқәа ирыдҳәаланы Тикараӡе ишылҳәаз ала, амшьамбақьалақәа рыргылара ргәы иҭам, избанзар, апациентцәагьы аҳақьымцәагьы ирзыманшәалоу, ршәарҭадара зыхьчаша аҭагылазаашьақәа иҟазароуп.
Иара убас, Тикараӡе ишылҳәаз ала, иахьа ишьақәыргылаз аҧкрақәа рыбзоурала авирус аларҵәара аанкылара рылшап ҳәа игәыҕуеит
«Арегулиациақәа рықәныҟәаразы ахылаҧшра рҕәҕәатәуп, абри акомпонент аҵакы ду амоуп. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинтенсивтә мониторинг амҩаҧгара иалагеит, аобиектқәак ахараҧса рықәырҵахьеит, идыркыз аобиектқәагьы иҟоуп. Абри апроцесс нагӡахоит, хара имгакәа алҵшәа бзиа ҳауп ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Тикараӡе.