Екатерина Тикараӡе Аҷара аепидемиологиатә ҭагылазаашьа гәалҭоит
Екатерина Тикараӡе Аҷара аепидемиологиатә ҭагылазаашьа гәалҭоит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр, Аҷара арегион аҿы  аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аилкаареи аҭагылазаашьа ахылаҧшразы аконкреттә план аиқәыршәареи амзызла,  Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭорнике Рижваӡе диҧылеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы иалацәажәеит авакцинациа апроцесс арҭбаареи, авирус ҿызкааз апациентцәа рхәышәтәра апротоколи, акоординациатә хеилак аӡбарақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәеи.