ЕАШ-и Европа ахеилаки рахь Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ркандидатурақәа ықәнаргылеит
ЕАШ-и Европа ахеилаки рахь Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ркандидатурақәа ықәнаргылеит.
ЕАШ рҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ азы Ҭамар Талиашвили лкандидатура иқәдыргылеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны, ЕАШ рҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ азы Ҭамар Талиашвили лкандидатуреи Европа ахеилак аҿы Хатиа Ҵилосани лкандидатура ахада Михаил Ҟвалешвили идыргалеит.
Ҭамар Талиашвили 2022 шықәса инаркны Европа Ахеилак аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ аанылкылон. Хатиа Ҵилосани 2019–2020 шш. рзы Ақыҭанхамҩеи аԥсабарахьчареи рминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан, 2020-2024 шш. рзы – Қырҭтәыла апарламент алахәылас.