ЕАШ ацҳаражәҳәара - Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Украина аибашьра хыркәшаны, 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа нанагӡарц
ЕАШ ацҳаражәҳәара - Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Украина аибашьра хыркәшаны, 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа нанагӡарц

ЕАШ иазхарҵом хәажәкыра 12 рзы Қырҭтәыла арегион -Аԥсны имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа рлегитимра, – инуп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражҳәара аҳәамҭа аҿы.

ЕАШ ацҳаражәҳәара Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Украина аибашьра хыркәшаны, 2008 шықәсатәи ахымца аанкылара изку аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа нанагӡарц.

“Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыдҳәаланы ҳпозициа ԥсахӡом: арҭ арегионқәа  Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп. Ҳара даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи ҳашрыдгыло. Иахьа ашьаҭатәи принципқәа рыхьчара  аҵак ҷыда рымоуп, Урыстәыла Украина зыриашара ҟамло аибашьра алагеит.

Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Украина аибашьра хыркәшаны, 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа нанагӡарц», —  иануп аҳәамҭа аҿы.