ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла ҳамҭас аиуз 500 000 "Фаизер" адозақәа ааргеит
ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла ҳамҭас аиуз 500 000 "Фаизер" адозақәа ааргеит

ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла ҳамҭас аиуз 500 000 “Фаизер” адозақәа ааргеит.

Алаҵақәа раагара инамаданы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили, Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе, Қырҭтәыла иҟоу Еаш ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

Қырҭтәыла иҟоу Еаш ацҳаражәҳәара аинформациа ала,  ақырҭуа жәлар рзы аҳамҭа аиуит Баиден-Ҳаррис радминистрациа алаҵақәа рглобалтә ашара аԥшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ԥхынгәы 2 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ӷарибашвили ишаицҳаз ала, Америка аиҳабыреи ахадеи рыӡбара ала,  Қырҭтәыла, авакцина  Pfizer 500 000 адозақәа  ҳамҭас аиуит.