ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц, Давид Залкалиани игәраргагатә шәҟәы иҭара  ацеремониа мҩаԥган
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц, Давид Залкалиани игәраргагатә шәҟәы иҭара ацеремониа мҩаԥган

ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц, Давид Залкалиани игәраргагатә шәҟәы ақәҭхқәа анапаҿы рыҭара ацеремониа мҩаԥган.

Феисбук аҿы Давид Залкалини иофициалтә даҟьаҿ ишану ала, ацеремониа ашьҭахь имҩаԥгаз аиԥылараҿ аганқәа ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорра арӷәӷәара азҵаарақәеи ҩ-тәылак русеицура априоритеттә хырхарҭақәеи рыхцәажәеит. ЕАШ ахаҭарнакцәа Залкалиани ацҳаражәҳәаҩс иқәыргылара идырныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаршьеит.

Давид Залкалиани ЕАШ ахаҭарнакцәа 30 шықәса ирылагӡаны  Қырҭтәыла азаадырԥшуаз адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.