ЕАР аҿы Америка анапхгара рхаҭарнакра Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Аиҿкаара ахь ааҧхьара ҟарҵеит Урыстәыла иақәыҕәҕәарц  ампыҵахалара иаҟәыҵны  2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нанагӡарц  азы  
ЕАР аҿы Америка анапхгара рхаҭарнакра Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Аиҿкаара ахь ааҧхьара ҟарҵеит Урыстәыла иақәыҕәҕәарц  ампыҵахалара иаҟәыҵны  2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нанагӡарц  азы  

ЕАР иҟоу Америка еснагьтәи ахаҭарнак Линда Томас-Гринфилд ЕАР Ашәарҭадаратә Хеилак аҿы данықәгылоз, Урыстәыла ала Қырҭтәыла ампыҵахалара азҵаара дазааҭгылеит.

Лара ишылҳәаз ала,  Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.

«Урыстәыла уажәгьы Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына импыҵахаланы ирымоуп. Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи инхо Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа ладырҟәоит.  Урыстәыла амца аанкылара иазкны  2008 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нанагӡом. Рырбџьармчқәа аибашьранӡатәи апозициақәа рышҟа идырхынҳәом, зыӡбахәы ҳәоу арегионқәа рышҟа агуманитартә аиҿкаарақәа рнеира иаҧырхагоуп.  Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.  Ҳара Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Аиҿкаара ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  Урыстәыла иақәыҕәҕәарц  ампыҵахалара иаҟәыҵны 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нанагӡарц  азы», — илҳәеит Линда  Томас-Гринфилд.