ЕАР ассамблеиа хада аднакылаз арезолиуциа ала, аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Газа асектор аҿы "зыԥшра ҟамҵакәа, кыраамҭатәи, иҭышәынтәалоу агуманитартә аамҭалатәи аинышәара" ҟарҵарц
ЕАР ассамблеиа хада аднакылаз арезолиуциа ала, аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Газа асектор аҿы "зыԥшра ҟамҵакәа, кыраамҭатәи, иҭышәынтәалоу агуманитартә аамҭалатәи аинышәара" ҟарҵарц

ЕАР ассамблеиа хада120 бжьыла (14 иаҿагылеит) аднакылаз арезолиуциа ала, аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Газа асектор аҿы “зыԥшра ҟамҵакәа, кыраамҭатәи, иҭышәынтәалоу агуманитартә аамҭалатәи аинышәара” ҟарҵарц.

Арезолиуциа Иорданиа аԥшьгарала рыдыркылеит.

Адокумент аҿы идҵаны иқәгылоуп аганқәа жәларбжьаратәи агуманитартә закәанқәа зегьы нарыгӡарц, Газа асектор иҟоу атәылауаҩратә хаҿқәа зегьы аԥсҭазааразы зда ԥсыхәа иҟам аалыҵи сервисқәеи рыла еиқәдыршәарц.

Иара убас арезолиуциаҿ ишану ала, зыԥшра ҟамҵакәа атҟәацәа зегьы рхы иақәиҭыртәыроуп..

Адокумент аҿы аҵысра “Ҳамас”  аӡбахә зныкгьы аҳәом, ари израильтәи аган апротест ахылҵит.

Арезолиуциа адгылаз атәылақәа роуп: Китаи, Џьамтәыла, Шьамтәыла, Саудтәи Аравиа, Урыстәыла, Мысра, Иорданиа, Ливан, Франциа, Бельгиа, Португалиа, Испаниа, Норвегиа, Ирландиа, Швеицариа, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан.

14 тәылақәа иреиуп – ЕАШ, Израиль, Венгриа, Австриа, Чехиа,Хорватиа, Тонга, Парагваи, Науру, Миконезиа.

45 тәыла абжьыҭира рҽацәхьаркит: Индиа, Канада, Австралиа, Гемантәыла, Британиа ду,Нидерланды, Италиа, Швециа, Польша, Лиетува, Украина, Молдова, Қырҭтәыла.