ЕАР аинформациа ала, Украина ицо аибашьра амзызла, адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны ахҵәацәа рхыԥхьаӡара 100 миллионҩык иреиҳахеит
ЕАР аинформациа ала, Украина ицо аибашьра амзызла, адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны ахҵәацәа рхыԥхьаӡара 100 миллионҩык иреиҳахеит

Украина ицо аибашьра амзызла, адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны ахҵәацәа рхыԥхьаӡара 100 миллионҩык иреиҳахеит, – ари атәы аанацҳаит ЕАР аинформациа ала.

Ахҵәацәа русқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар ишааицҳаз ала,  арратәи атәылауаҩратәи аимакқәеи,акыдцалареи, ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи ирыхҟьаны, ауаа рыԥсадгьыл рыҩнқәа рааныжьра ирықәшәеит.

Аҳасабырба инақәыршәаны, ахҵәацәа рхыԥхьаӡара азҳара Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аибашьра иахҟьоуп. ЕАР аекспертцәа ргәаанагарала, аимак иалагеижьҭеи иахьанӡа ихҵәацәахеит 14 миллионҩык украинаа.