ЕАР адыррақәа рыла, украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит  хмиллионҩык рҟынӡа
ЕАР адыррақәа рыла, украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит хмиллионҩык рҟынӡа

ЕАР адыррақәа рыла, украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит хмиллионҩык рҟынӡа. ЕАР апресспикер Пол Дион ишааицҳаз, хмиллионҩык рҟынтә 1,4 миллионҩык ахәыҷқәа роуп, 157 000-ҩык атәым тәылауаа. Зегь реиҳа ирацәаны ахҵәацәа,  1,8 миллионҩык, Польша ииасит.

Арҭ амшқәа рзы Варшавеи Кракови рхаҭарнакцәа иҟарҵаз аофициалтә ҳәамҭала, иҵегьы ахцәацәа рыдкылара рылшоит.

Жәабран 24 рышьҭахь Чехиа ииасит 200 000-ҩык украинатәи ахҵәацәа.