Урыстәыла аԥшьгарала, Украина азҵааразы ЕАР ашәарҭадаратә хеилак еилатәара мҩаԥган
Урыстәыла аԥшьгарала, Украина азҵааразы ЕАР ашәарҭадаратә хеилак еилатәара мҩаԥган

Урыстәыла аԥшьгарала, Украина азҵааразы ЕАР ашәарҭадаратә хеилак еилатәара мҩаԥган.

Аилатәара ихы алаирхәит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иажәақәа рыла, Украина азалырхыз ЕАШ арратә биуџьет ахәҭа ду ЕАР арратә индустриа арӷәӷәаразы ианырхуеит.

“ЕАШ киевтәи арежим азалнахыз арратә биџьет 90%, ЕАШ рҿы иаанхоит, ари аԥарала атәыла арратә индустриа аҿиареи абџьар рырҿыцреи иаҿуп. Украина рхы иадырхәоит ажәытәӡатәи “ҟамсар”. Украина азауадқәа реиҳара, иаҳҳәап литии ааглыхра иаҿу азауадқәа, ЕАШ иртәуп”, – иҳәеит Лавров.

ЕАР иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Роберт Вуд Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭазы “ашьаҭа хмам ахарадҵароуп” ҳәа иҳәеит

„Украина атәылахьчара ацхыраареи адгылареи Урыстёыла агрессиатә аибашьра анагӡараҿ ацхраауеит ҳәа аҳәара ицинизмуп”,  – иҳәеит Вуд.