49 тәыла, Қырҭтәыла урҭ ирылоуп, ЕАР Урыстәыла аԥшьгарала ицәырнагаз арезолиуциа иадымгылеит
49 тәыла, Қырҭтәыла урҭ ирылоуп, ЕАР Урыстәыла аԥшьгарала ицәырнагаз арезолиуциа иадымгылеит

ЕАР Ассамблеиа хада аднакылеит Урыстәыла ахаҭарнакцәа аиаԥшьыргаз “Анацизми, анеонацизми, арасизми, арассатә адискриминациеи, аксенофобиеи, урҭ ирыдҳәалоу егьырҭ апраткикақәеи аформақәа рыҿагылара иазку” арезолиуциа.

Адокумент иадгылеит 118 ҳәынҭқарра, иаҿагылеит 49, рыҽрынкылеит 14.

Арезолиуциа иаҿагылаз атәылақәа иреиуп Қырҭтәыла. Иара убас арезолиуциа иаҿагылеит Украина, Молдова, ЕАШ, ЕКанада, Британиа Ду, Германтәыла, Италиа, Франциа, Венгриа, Иапониа.

Арезолиуциа иадгылеит Урыстәыла, Китаи, Израиль, Шәаамхьтәыла, Азербаиџьан, Казахстан.