ЕАР адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит  1,5миллионҩык иреиҳаны
ЕАР адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит  1,5миллионҩык иреиҳаны

ЕАР адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит  1,5миллионҩык иреиҳаны.

Ари аинформациа цәыригеит Ахҵәацәа русқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар  Филиппо Гранди.

«Аҵыхәтәантәи жәамш рыла Украина иалҵит  1,5миллионҩык иреиҳаны. Уи Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Европа аҵакырадгьыл аҿы зегьы реиҳа ирласны изызҳауа ахҵәаратә кризисуп», — иҩит  Филиппо Гранди  Twitter аҿы.

Аамҭакала, Польша аҳәаахьчаратә маҵзура адыррақәа рыла, Урыстәыла ала Украина ажәылара  раҧхьатәи амш инаркны иахьанӡа, Польшаҟа ииасит  922 нызқьҩык украинатәи атәылауаа.