Леван Давиҭашвили -  Ҳара иҳалшо ала Украинантә ахҵәацәа ҳрыцхраар ҳҭахуп
Леван Давиҭашвили -  Ҳара иҳалшо ала Украинантә ахҵәацәа ҳрыцхраар ҳҭахуп

Авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр  Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, Қырҭтәыла иҟоуп  20 нызқьҩык раҟара украинатәи ахҵәацәа.

«Украина ацҳаражәҳәарҭаҿ ишырҳәаз ала, ҳтәылаҿы иҟоуп  20 нызқьҩык раҟара украинатәи ахҵәацәа.  Ҳәарада, ҳара адонорцәеи апартниорцәеи ҳрацәажәахьеит. Иахьазы аҳәынҭқарратә ресурсқәа роуп ҳхы иаҳархәо. Иаҳа ирацәаны аресурсқәа ҳамазар бзиан. Иҳалшо ала украинатәи ахҵәацәа ҳрыцхраар ҳҭахуп», — иҳәеит  Давиҭашвили.