Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра иалагалатәу ариашарақәа рнапы рыҵарҩит
Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра иалагалатәу ариашарақәа рнапы рыҵарҩит

Қырҭтәыла авице-аҧыза,  аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии  Ҭырқәтәыла ахәаахәҭра аминистр  Мехмеҭ Муши Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра иалагалатәу ариашарақәа рнапы рыҵарҩит.

Лымкаала, Қырҭтәыла,   аквота аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Қырҭтәылантә Ҭырқәтәылаҟа аекспорт аан азинҷыда змамыз аалыҵ азы азинҷыда аиуеит.  Иахьа рнапы зҵарҩыз аӡбара амч анаиулак,  Қырҭтәылантә Ҭырқәтәылаҟа аекспорт аан,  анольт тарифла аквота ҳәаақәа ирҭагӡаны,  Ҭырқәтәылаҟа абарҭ атауарқәа рнагара ҟалоит: зыҧсы ҭоу арахә,  акәац,  ачаи иаҵәа,  ашәыррҩа,  акиви,  алимон,  аконсервациа зызу апомидор,  ачыстә ингридиентқәа. Араҟа иаҵшьны иазгәаҭатәуп зыӡбахәы ҳәоу аӡбара инақәырәшаны аҭырқәа агангьы рквотақәа шацлаз абарҭ аалыҵқәа рзы: ацха,  аҵәа,  аҩы.

Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра амч аиуит  2008 шықәса абҵара 1 азы.