Андреи Касианов - Украинатәи ахҵәацәа рыдкылареи рыдгылареи рзы ақырҭуа ган иҭабуп ҳәа расҳәоит
Андреи Касианов - Украинатәи ахҵәацәа рыдкылареи рыдгылареи рзы ақырҭуа ган иҭабуп ҳәа расҳәоит

Ари аибашьра цәгьа иахҟьаны, ирацәаӡаны украинаа ахыҵәахырҭа аԥшаара ирықәшәеит, Украинатәи ахҵәацәа рыдкылареи рыдгылареи рзы ақырҭуа ган иҭабуп ҳәа расҳәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла Украина аусқәа рзы аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов ажурналистцәа данрацәажәоз. Касианов ахҵәацәа жәларбжьаратәи рымш инамадагы Қарҭтәи аботаникатә баҳчаҿ Аидгылара амарш ихы алаирхәит.

„Ари аибашьра цәгьа иахҟьаны, ирацәаӡаны украинаа ахыҵәахырҭа аԥшаара ирықәшәеит, Қырҭтәыла амуниципалитетқәа рҿы Украинатәи ахҵәацәа рыдкылареи рыдгылареи рзы ақырҭуа ган иҭабуп ҳәа расҳәоит. Иахьазы Қырҭтәыла 28000-ҩык иреиҳаны украинатәи ахҵәацәа иҟоуп”, – иҳәеит Касианов.