ЕАР адыррақәа рыла,  украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит  2,5 миллионҩык рҟынӡа
ЕАР адыррақәа рыла,  украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит  2,5 миллионҩык рҟынӡа

Украинатәи ахҵәацәа рхыҧхьаӡара азҳаит  2,5 миллионҩык рҟынӡа. Арҭ адыррақәа цәыригеит Ахҵәацәа русқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар  Филиппо Гранди. Иара иажәақәа рыла, даҽа ҩ-миллионҩык ауааҧсыра атәыла аҩнуҵҟа ахҵәара иҭагылоуп.

ЕАР адыррақәа рыла, Украина иалҵыз ауааҧсыра рҟынтә 116 нызқьҩык раҟара егьырҭ атәылақәа ртәылауаа роуп.

Урыстәыла Украина иажәылеит жәабран 24 рзы.