ЕАШ ахада Дональд Трамп хымштәи визитла Ааигәа мрагыларахь ддәықәлеит, авизит аҳәаақәа ирҭгӡаны Трамп Саудтәи Аравиеи, Катари, Аемиратқәеи дырҭаауеит.
Трамп ивизит Саудтәи Аравиа аҳҭнықалақь Ер Риад ала далагоит, уи ашьҭахь, лаҵара 14 рзы Катар ддәықәлиот, Аемиратқәа рышҟа – лаҵара 15 рзы.
Авизит хықәкы хадас амоуп аекономикатә аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, арегионтә шәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара.