Дональд Трамп идҵала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рдепартамент Мексикатәи аӡыбжьахала ахьӡ азыԥсахын, Америкатә аӡыбжьахала ҳәа ахьӡырҵит
Дональд Трамп идҵала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рдепартамент Мексикатәи аӡыбжьахала ахьӡ азыԥсахын, Америкатә аӡыбжьахала ҳәа ахьӡ анаҭеит, – аанацҳаит “Роитер.
“Ахада идҵа инақәыршәаны, Мексикатәи аӡыбжьахала аофициалла Америкатә аӡыбжьахала ҳәа ахьӡ аиуит, Аҩадатәи Америка иреиҳаӡоу ашьха – Маккеин ишьха ҳәа. Ари аԥсахра даҽазнык шьақәнарӷәӷәит ЕАШ аҭынхара ахьчараҿ аҭакԥхықәра ду шҳамоу”, – иануп ЕАШ Аҩныҵҟатәи аусқәа рдепартамент аҳәамҭа аҿы.