Дональд Трамп Франциа дыҟоуп, уа адунеи егьырҭ алидерцәа рыгәҭа, Парижтәи Анцәа иан лныхабаа аартра ацеремониа ихы алаирхәоит
Дональд Трамп Франциа дыҟоуп, уа адунеи егьырҭ алидерцәа рыгәҭа, Парижтәи Анцәа иан лныхабаа аартра ацеремониа ихы алаирхәоит

Дональд Трамп Франциа дыҟоуп, уа адунеи егьырҭ алидерцәа рыгәҭа, Парижтәи Анцәа иан лныхабаа аартра ацеремониа ихы алаирхәоит, – аанацҳаит “Франс 24”.

Алхрақәа рҿы аиааира агара ашьҭахь ари Трамп актәи ивизитуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥланқәа ирылоуп Трампи Франциа ахада Еммануель Макрони ҩганкалатәи реиԥылара. Иара убас, Париж дыҟоуп Украина ахада Володимир Зеленски.

Елисеитәи ахан аинформациа ала, Трамп иҟны аиԥылара ашьҭахь Еммануель Макрон Украина алидер диԥылоит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Париж Трампи Зеленскии еиԥылар ҟалап.

Парижтәи Анцәа иан лныхабаа 2019 шықәсазы иблит. Еиҭашьақәгылаз аныхамааҿы анцәа имаҵура раԥхьаӡа уаҵәы мҩаԥгахоит.