Дмитри Песков – Москвеи Бриуссели реизыҟазаашьақәа рперспектива цәгьоуп,  европатәи адипломатиа арҭ аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иацхраап ҳәа сгәы иаанагом
Дмитри Песков – Москвеи Бриуссели реизыҟазаашьақәа рперспектива цәгьоуп,  европатәи адипломатиа арҭ аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иацхраап ҳәа сгәы иаанагом

Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Евроеидгыла асаммит аҿы ирыдырклаз аиқәшаҳаҭра дахцәажәеит, уи инақәыршәаны, европатәи адипломатиа анапхгаҩы иҭыҧаз Каиа Каллас лкандидатура иқәдыргылеит.   Песков иҳәамҭала, Москвеи Бриуссели реизыҟазаашьақәа рперспектива цәгьоуп.

Иара иажәақәа рыла, Каиа Каллас адипломатиатә ҟазшьақәа макьана иаалмырҧшыцт, лара Урыстәыла иаҿагыло аҳәамҭақәа ҟалҵоит.

„Убри аҟынтә,  европатәи адипломатиа арҭ аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иацхраап ҳәа сгәы иаанагом, Москвеи Бриуссели реизыҟазаашьақәа рперспектива цәгьоуп“, – иҳәеит Песков ажурналистцәа данрацәажәоз.