Дмитри Кулеба ишааицҳаз, иахьа Украина ЕАР аҟынтә Урыстәыла аҭцара азҵаара иқәнаргылоит
Иахьа Украина ЕАР аҟынтә Урыстәыла аҭцара азҵаара иқәнаргылоит. Ари атәы ааицҳаит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба.
„Ҳара иқәҳаргыло азҵаара мариоуп: Урыстәыла ЕАР ашәарҭадаратә хеилак еснагьтәи алахәылас аанхара зин амоупма? ЕАР алахәызаара зин амоума? Ҳара аргументқәеи аҭаки ҳамоуп – Урыстәыла азин амаӡам!” – иҳәеи Кулеба.