Дманиси иҟалаз аиҿагылара аан ҩыџьа ахәрақәа роуит
Дманиси иҟалаз аиҿагылара аан ҩыџьа ахәрақәа роуит

Дманиси иҟалаз аиҿагылара аан ҩыџьа ахәра цәгьақәа  роуит.

«Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә ақалақь ахада иҭыҧ азы акандидат  Гьаргь  Татуашвили ишиҳәаз ала, иара Ганҭиади ақыҭан алхраҧхьатәи аиҧылара анымҩаҧигоз, уахь инеит «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа. Дара  аоппозициатә активистцәа ирықәлан,  абџьар хьшәашәала ирхәит.

Татуашвили  иажәақәа рыла, ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» дманистәи аиҿкаараҿы ишырҳәаз ала, дара изакәызаалак провокациак иалахәымызт, алхрақәа ҭынч имҩаҧысыр рҭахуп. Иахьатәи аиҿагылара иадҳәаланы ишазгәарҭаз ала, аусеилыргара алҵшәақәа ирзыҧшуеит.

Ахәрақәа зауз ахәышәтәырҭашҟа инагоуп, ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.