Денис Шмигаль -  Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало
Денис Шмигаль -  Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало

Украина Аҧыза-министр денис Шмыгаль иҳәамҭа, Украинеи Қырҭтәылеи    — астратегиатә партниорцәоуп.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Украинеи уажәтәи реизыҟазашьақәа аҿиара иаҿуп Евроеидгылеи НАТОи рышҟа аинтеграциа иазку азеиҧш ахықәкқәа рышьаҭа ала.

«Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада Евроеидгылеи НАТОи ишрылало.  Қырҭтәылеи Украинеи реиҳабырақәа  иаҭаху зегьы ҟарҵоит иашьашәалоу акритериқәа рынагӡаразы», — иҳәеит Шмыгаль ақырҭуа иколлега Иракли Ҕарибашвилии иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.