Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистр Давид Сонӷулашвили Франциа, Ницца ақалақь аҿы имҩаԥгаз ЕАР аконференциа ихы алаирхәит, – иаарыцҳаит Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистрра аҟынтә.
Аконференциа ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш иааиртит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аконференциа алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылеит Франциа ахада Еммануэль Макрон, Европатәи азеилак ахада Антониу Кошта, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.
Аконференциа рхы аладырхәит 100 тәылақәа рлидерцәа, аҧсабарахьчара аминистрцәа, ачинуаа.