Дания Қырҭтәылаҿ ацҳаражәҳәарҭа аанатуеит
Дания Қырҭтәылаҿ ацҳаражәҳәарҭа аанатуеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, Европатәи Ахеилак аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Иеппе Кофод диҧылеит. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылараан Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр ааицҳаит итәыла анапхгара Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аартра шырыӡбаз.

Аиҧылараҿы аминистрцәа ишазгәарҭаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәылеи Даниеи русеицура адинамика ҷыдала ибзиоуп.

«Ари азҵаара иадҳәаланы ҷыдала иазгәаҭан авизитқәа реиҭныҧсахлара аҵакы. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Даниа активла Қырҭтәыла иадгылоит Евроеидгылашҟа аинтеграциеи, инеизакны Мрагыларатә партниорреи аҿы.  Аминистрцәа, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара амзызла активла аимадарақәа рынагӡаразы еиқәшаҳаҭхеит», — иануп аинформациаҿы.