Чили абна ахьбылуа аҭыԥ аҿы аԥсыҭбарақәа рхыхьаӡара 112-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Чили абна ахьбылуа аҭыԥ аҿы аԥсыҭбарақәа рхыхьаӡара 112-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Чили абна ахьбылуа аҭыԥ аҿы аԥсыҭбарақәа рхыхьаӡара 112-ҩык рҟынӡа инаӡеит, шәҩыла иӡит ҳәа иԥхьаӡоцп, – аанацҳаит”Роитер”.

Чили ахада Габриел Борич алахьеиқәҵаратә амшқәа рылеиҳәеит.

Чили анапхгара рыдҵала, аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟоу арегионқәа рҿы акоменданттә сааҭ рылаҳәоуп. Амцакраан аԥхасҭа роуит 1000 рҟынӡа аҩнқәа, 8000 гектар абна амца акуп.

Чили Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Каролина Тоҳа ишаалыцҳаз, 2010 шықәса рышьҭахь ари зегь реиҳа идуӡӡоу катастрофоуп, усҟан аҭыԥ змаз адгьылҵысраан 500-ҩык ҭахеит..