Испаниа аладатәи ахәҭаҿы абна амцакрақәа ирыхҟьаны, зықьҩык рҟынӡа ауаа аевакуациа рзыруит
Испаниа аладатәи ахәҭаҿы абна амцакрақәа ирыхҟьаны, зықьҩык рҟынӡа ауаа аевакуациа рзыруит

Испаниа аладатәи ахәҭаҿы абна амцакрақәа ирыхҟьаны, зықьҩык рҟынӡа ауаа аевакуациа рзыруит. Ибылуеит 10 нызқь гектар иреиҳаны. Амцакра ҟалеит Валенсиа арегион, Аликанте апровинциаҿ, аԥша ӷәӷәа амзызла, амца ларҵәеит.

Валенсиа администрациа аинформациа ала,зықьҩык рҟынӡа ауаа аевакуациа рзыруит.

Амцакра арцәара азы амобилизациа рзууп 300-ҩык рҟынӡа амцарцәаҩцәеи, 24 амцарцәаратә аҵәиԥрыгақәеи аҳаирпланқәеи.

Ашоура цәгьа амзызла сынтәа Испаниа 391 амцакрақәа ҟалеит, иблит 271 нызқь гектар еиҳаны абнатә массивқәа.