Борџьоми амуниципалитетаҿ абылра инамаданы, Аиҳабыра радминистрациа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Борџьоми амуниципалитетаҿ абылра инамаданы, Аиҳабыра радминистрациа аҳәамҭа ҟанаҵеит

Борџьоми амуниципалитетаҿ абылра инамаданы, Аиҳабыра радминистрациа аҳәамҭа ҟанаҵеит

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили идҵала, Самцхе-Џьавахеҭи арегион аҿы, Борџьоми амуниципалитетаҿ абылра аҧыхра амзызла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрреи, Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи иашьашәалоу амаҵзурақәа русзуҩцәа еиҧҟьарада амца арцәаратә усурақәа мҩаҧыргоит.

“Уажәазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ала Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәуп: 250-ҩык абылрацәыхьчаҩцәа- аиқәырхаҩцәа;  50 абылрацәыхьчаратәи аиқәырхаратәи техника; адронқәа рыла амца амониторинг мҩаҧысуеит;
Амца арцәара иалахәып аҳәаатә полициа 3 агежьҧшыгак; Аҭыҧаҿ иҟоуп Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент 300-ҩык аусзуҩцәа; Аҭыҧашҟа инагоуп аҭыҧантәи аполициа иашьашәалоу аҟәшақәа русзуҩцәагьы.

Иара убас, Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәуп Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа. Уажәазы аҭыҧаҿ иҟоуп: арбџьармчқәа алогистикатә аиқәыршәара анапхгара абылрацәыхьчаратә техника ҷыда “MTLB” , аӡымҩангагақәеи, зехьынџьара инеиуа абылрацәыхьчаратә автомашьынақәеи.

Уаҵәы, шьыжь инаркны, абылра аҧыхратә усурақәа рхы рыладырхәоит арратә маҵзуҩцәагьы”, – иануп аҳәамҭа аҿы.