Борџьомтәи амуниципалитет Қвабисхеви ақыҭа аҟынтә амцакра Ахалцихе ахырхарҭала ларҵәеит [авидео]

Борџьомтәи амуниципалитет Қвабисхеви ақыҭа аҟынтә амцакра Ахалцихе ахырхарҭала ларҵәеи.

Аҭыԥ аҿы иҟоу Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз, амцакра Аҵҟуртәи абааи аиланхарҭақәеи ирзааигәоуп.

Алҩа иахәамԥшыкәа, аҵәиԥрыгақәа аусура нарыгӡоит. Аусурақәа рымҩаԥгара арцәгьоит аԥша ӷәӷәа.

Борџьомтәи амуниципалитет аҿы абна абылра иаҿуп.  Амцарцәаратә аоперациа еиҭах иалахәуп аполициа агьежьԥрыгақәа. Иахьа амцакра арцәара апроцесс рхы аладырхәоит ҭырқәтәылатәи аҵәиԥрыгақәа.