Борџьоми ихҵәоу аҭаацәарақәа рзы анхарҭатә корпус дыргылоит 
Борџьоми ихҵәоу аҭаацәарақәа рзы анхарҭатә корпус дыргылоит 

150 ихҵәоу аҭаацәарақәа рнырхара амзызла, Борџьоми, ихҵәоу аҭаацәарақәа рзы ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу анхарҭатә корпус дыргылоит.

Идыргыло акорпус ҿыц аҿы ауадақәа роуеит Борџьоми амуниципалитетаҿ ахҵәацәа  компактла рнырхара ахыбрақәа ирыҩноу аҭаацәарақәа.

Аргыларатә усурақәа ирзоушьҭуп  15 374 192 лари. Апроектла иазҧхьагәаҭоуп адәахьытә инфраструктура арҽеирагьы. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи  рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Цагареишвилии Ахҵәацәа русқәа рзы агентра адиректор Давиҭ Каикацишвилии Борџьоми инхо ахҵәацәа ирҧылан, рнырхара амзызла имҩаҧысуа аргыларатә усурақәа ирызкны ирзеиҭарҳәеит.

Борџьоми инаваргыланы, ахҵәацәа анхарҭатә корпусқәа рыздыргоит даҽа 3 қалақьк рҿы  – Қарҭи, Жәыргьыҭи, Русҭавии.

Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апрессмаҵзура.