Ҿыц иргылоу аҩнеихагыла дуқәа рҿы анхарҭақәа раиура зҭаху ихҵәоу аҭаацәарақәа рырзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Ҿыц иргылоу аҩнеихагыла дуқәа рҿы анхарҭақәа раиура зҭаху ихҵәоу аҭаацәарақәа рырзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

Ахҵәацәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Қарҭи, Жәыргьыҭи, Қәҭешьи, Русҭавии ҿыц иргылоу аҩнеихагыла дуқәа рҿы анхарҭақәа раиура зҭаху ихҵәоу аҭаацәарақәа рырзаҳалқәа рыдкылара иалагеит, – аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә.

“Қарҭ анхарҭақәа раиура рылшоит 2013 шықәса рашәара 1-нӡа арегистрациа иахысыз аҭаацәарақәа. Жәыргьыҭи, Қәҭешьи, Русҭавии анхарҭақәа раиуразы аҭаҩра рылшоит иарбанзаалак арегион аҿы ашәҟәы иҭаҩу ахҵәацәа.

Арегистрациа апроцесс Аиустициа аҩнқәа рҿы 2024 шықәса жәабран 2-нӡа нагӡахоит.

Ихҵәоу аҭаацәарақәа нахарҭақәа роуеит 2025 шықәса анҵәамҭанӡа”, – иануп аинформациа аҿы.