Чехиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит
Чехиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит

«Прага, Карл иуиверситет аҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рымзызла, аус ауеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара ацәаҳәа ҷыда:  +420 777 222 053», — иануп Чехиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.

Чехиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аҟынтә ишаарыцҳаз, иҟоу адыррақәа рыла, иҭахаз ирыбжьам Қырҭтәыла атәылауаа.

«Иҟоу адыррақәа рыла, иҭахаз ирылам Қырҭтәыла атәылауаа. Ацҳаражәҳәара Чехиа иашьашәалоу амаҵзурақәа зегьы рҟны активтә аимадара амоуп», — иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿ.

Иацы, Чехиа аҳҭнықалақь Прага, университетк аҿы ахысра, иҭахеит 15-ҩык, ахәрақәа роуит 25-ҩык. Ахысра Иан Палах ишҭаҿ иҟоу Карл иуниверситет аҿы ҟалеит.