Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра Зураб Џьаԥариӡе иаанкылара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит
Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра Зураб Џьаԥариӡе иаанкылара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Чехиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра Зураб Џьаԥариӡе иаанкылара иазкны агәҭынчымра аанарԥшын, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵеит адемократиатә хәынаӡарақәа ҳаҭыр рықәырҵарц.

“Зураб Џьаԥариӡе иаанкылареи аӡбарҭатә процесс ашәқәа ркны ахьымҩаԥысуа иазкны агәҭынчымра ааҳарԥшуеит. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит адемократиатә хәынаӡарақәа ҳаҭыр рықәырҵарц”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Лаҵара 22 рзы апартиа “Ахали” алидепрцәа руаӡәы Зураб Џьаԥариӡе даанкылан. Мшаҧы 16 рзы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира амшала Зура Џьаҧариӡе  20 000 лари ашас ашәара иқәырҵеит. Иара ари ашас ишәар акәын лаҵара 18-нӡа. Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара ашьаҭала, апрокуратура Џьаҧариӡе ахара иднаҵеит ашьауҕатә закәанеидкыла  349 ахәҭаҷ ала  — «Қырҭтәыла Апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы» уи ала иазҧхьагәаҭоуп ахараҧса ашәара ма шықәсык аҭакра.