Британиеи, ЕАШ-и, Франциеи, Германтәылеи рлидерцәа Украина азҵаара ҭелла иалацәажәеит
Британиеи, ЕАШ-и, Франциеи, Германтәылеи рлидерцәа Украина азҵаара ҭелла иалацәажәеит

Британиа аԥыза-министр Кир Стармен ЕАШ-и, Франциеи, Германтәылеи рлидерцәа Украина азҵаара иазкны ҭелла драцәажәеит, – ари атәы аанацҳаит аԥыза-министр иофис.

Дональ Трампи Путини ҭелла реиҿцәажәара мҩаԥгаанӡа, Стармени алидерцәеи ахымца аанкылареи Урыстәыла ахымца аанкылареи аҭынчратә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥагреи иақәшаҳаҭымхар, асанкциақәа ралагалареи ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

Ари аиҿцәажәара иазкны асоциалтә ҳаҿы ааицҳаит Франциа ахада Еммануель Макрон.

“Путин шьақәирӷәӷәароуп Ахада Трамп иажәалагалеи, 30 мш ирылагӡаны ахымца аанкылара иазку Европеи Украинеи ражәалагалеи дышрыдгыло, аҭынчра шиҭаху”, – иҩит Макрон.