Британиа Ду иаарҧшу акоронавирус аштамм ҿыц зеиҧшҟамлац ала ирласны аларҵәара иаҿуп
Британиа Ду иаарҧшу акоронавирус аштамм ҿыц зеиҧшҟамлац ала ирласны аларҵәара иаҿуп

 

Британиа Ду иаарҧшу  Covid-19 аштамм ҿыц зеиҧшҟамлац ала ирласны аларҵәара иаҿуп.  Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Британиа аҳақьым хада Крис Уитти ишааицҳаз ала,   зыӡбахәы ҳәоу авирус ҿыц  аларҵәара аласра абжьааҧнытә Covid-19  иамаз аласра ацкыс еиҳауп,  аха уи иахылҵуа аҧсҭбаара иазкны  макьана адыррақәа иҟам.

VUI2020/12/01 ахьӡ зауз аштамм ҿыц ирласны аларҵәара иахьаҿу амшала, иахьа инаркны, Британиа аиҳабыра акоронавирус аҿагылара апроцесс дырџьбарит.