Британиа Ду Атәылахьчара аминистрра   - Урыстәыла, Баҳмут ақалақь аҟынтә егьырҭ ахырхарҭақәа рахь ииасыр  ҟалап
Британиа Ду Атәылахьчара аминистрра   - Урыстәыла, Баҳмут ақалақь аҟынтә егьырҭ ахырхарҭақәа рахь ииасыр  ҟалап

Британиа Ду Атәылахьчара аминистрраҿы ргәы ишаанаго ала,  Урыстәыла, Баҳмут ақалақь аҟынтә егьырҭ ахырхарҭақәа рахь ииасыр ҟалап. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Анемец цәқәырҧа».

Британиатәи атәылахьчаратә усбарҭа адыррала, Баҳмут ажәылараҿы ақәҿиара ахьырмоуз аҟынтә, аурыс арбџьармчқәа   Баҳмут аҟынтәи Авдеевкеи   Кременнаиа-Сватовои ахырхарҭала аиасра ргәы иҭоуп.

Британиа Ду Атәылахьчара аминистрра аҳасабырба ишану ала, Урыстәыла аманшәаламхара – Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи хазхаҭалатәи арратә еилахәыра  «Вагнери» рыбжьара иҟоу аибарххара иахҟьазар ҟалап.