Британиа аԥшыхәра аинформациала, урыстәылатәи ар Гостомельтәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә иқәҵуеит
Британиа аԥшыхәра аинформациала, урыстәылатәи ар Гостомельтәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә иқәҵуеит

Британиа аԥшыхәра аинформациала, урыстәылатәи ар Гостомельтәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә иқәҵуеит.

Гостомельтәи аҳаирбаӷәаза Украина аҳҭнықалақь азааигәоуп, уи аанкыларазы ақәԥара аибашьра актәи амшқәа рзы мҩаԥган.

„Украинатәи мчқәа Киев ааигәара урыстәылатәи ар ралырцара аус аҿы аманшәалара рымоуп“, – иануп Британиа Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа аҿы.

Британиа Атәылахьчара аминистрра аинформациала, мрагыларатә Украина иҟоу аибашьцәа қыҭақәак рхынҳәра рылешеит.