Борис Џьонсон Украина Рада аҿы дықәгылоит
Борис Џьонсон Украина Рада аҿы дықәгылоит

Британиа Ду аԥыза-министр Борис Џьонсон иахьа онлаин аформатла Украина Рада аҿы дықәгылоит.

Британиатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Борис Џьонсон украинатәи апарламент аҿы иқәгыло раԥхьаӡатәи адунеитә лидер иуоп.

Борис Џьонсон Украина 375 миллион доллар иаҟароу арратә цхыраара апакет азалхра дахцәажәоит.

Британиа Ду аԥыза-министр Украина аҳҭнықалақь мшаԥы азы даҭааит.