Саакашвили ашьауӷа ихыхреи ахәышәтәразы ииагареи рызҵааразы Украина Рада Саломе Зурабишвилии Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәеи ақәҵара апроект рыздырмазеит
Саакашвили ашьауӷа ихыхреи ахәышәтәразы ииагареи рызҵааразы Украина Рада Саломе Зурабишвилии Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәеи ақәҵара апроект рыздырмазеит

Михеил Саакашвили ашьауӷа ихыхреи ахәышәтәразы ииагареи рызҵааразы Украина Рада Саломе Зурабишвилии Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәеи ақәҵара апроект рыздырмазеит.

Рада ақәҵара аҿы ишану ала, ауаҩытәыҩса изинқәа зегьеицырзеиԥшу адекларациа ала, ауаҩыцыԥхьаӡа афатәи, ацәҩычақәеи, ахыҵәахырҭеи, амедицинатә цхыраареи ихымԥадоу асоциалтә маҵзуреи раиура иахьилшо аҭагылазаашьа зин имазароуп.

Рада адокумент аҿы ишану ала, жәларбжьаратәи апартниорцәеи аинститцтқәеи иҟарҵахьоу ахазырзарақәа ирызԥхьагәаҭаны, Қырҭтәыла адемократиатә аҿиара акурс иазыԥхьагәаҭаны, украинатәии ақырҭуа жәларқәа европатәи ахәынаӡарақәа разықәԥара аҭоурых иазыԥхьагәаҭаны, Украина иреиҳаӡоу Рада Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Қырҭтәыла апарламенти рахь ааԥхбара ҟанаҵоит Украина Рада ауаҩытәыҩса изинқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар Дмитри Лубинец Украина атәылауаҩ Михеил Николаи-иԥа Саакашвили иҟны аимадара абжьаҵараҿы ацхыраара изаадырԥшырц.

Рада Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лахь ааԥхьара ҟанаҵоит Украина атәылауаҩ Михеил Николаи-иԥа Саакашвили  ифизикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагҩәаҭаны, ашьауӷа ихыхра агуманитартә акт ма Украина атәылауаҩ Михеил Николаи-иԥа Саакашвили Украиншҟа, ма даҽа тәылашҟа ахәышәтәразы ииагара азин лырҭарц.

Украина Рада ааԥхьара ҟанаҵоит Евроеидгыла иалоу атәылақәа рпарламентқәа, ЕАР, Европарламент, Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа, Нато апарламенттә ассамблеиа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина атәылауаҩ Михеил Николаи-иԥа Саакашвили ашьуӷа ихыхра агуманитартә акт анагӡара ма Украина атәылауаҩ Михеил Николаи-иԥа Саакашвили Украиншҟа, ма даҽа тәылашҟа ахәышәтәразы ииагара иазкны аӡбара лыдылкыларц.

Украина Рада аднакылаз адокумент иаԥшьыргоуп 87-ҩык адепутатцәа рыла.