Борис Џьонсон алианс ҿыц аҧҵара аинициативала дықәгылеит, иара Украинагьы ари алианс алалара адигалоит
Борис Џьонсон алианс ҿыц аҧҵара аинициативала дықәгылеит, иара Украинагьы ари алианс алалара адигалоит

Британиа Ду аҧыза-министр  Борис Џьонсон арра-политикатә алианс ҿыц аҧҵара аинициативала дықәгылеит. Ари атәы аанацҳаит италиатәи аҭыжьымҭа «Corriere de la Serra».   АИХ адыррақәа рыла, Борис Џьонсон  Бриуссели Берлини аурыс агрессиазы иҟарҵаз аҭак згәамҧхо атәылақәа еидикылар иҭахуп.  Ишеилкаахаз ала, Британиа Ду аҧыза-министр ари аплан аус адиулоижьҭеи крыҵуеит.

«Џьонсон раҧхьаӡа акәны ари атәы Зеленски иеиҳәеит Киев даныҟаз,  мшаҧы  9 рзы.  Британиа Ду аҧыза-министр абри амодель ауп дызлацәажәо  —  алианс аҿы аҧхьагылара амазаауеит Лондон, алианс иалалоит Украинеи, Польшеи, Естониеи, Латвиеи, Литвеи, Ҭырқәтәылеи», —  иануп италиатәи аҭыхьымҭаҿы.

Аҭыжьымҭа адыррала, Џьонсон еидикылар иҭахуп   «зхатә милаҭтә хьыҧшымра ҷыдала изыхьчо, алибералтә економика змоу, урыстәылатәи арратә шәарҭара аҿагылара иазыхиоу» атәылақәа.

Украина ари аинициатива иадҳәаланы макьана ахатә позициа аанамырҧшыцт, аха макгьы рымкит.  «Corriere de la Serra» ишану ала, Владимир Зеленски Евроеидгыла атәылақәа рсаммит дазыҧшуп, уаҟа Украина акандидат астатус анашьара азҵаара рыӡбоит.