Борис Џьонсон инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Борис Џьонсон инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон инапынҵақәа шьҭеиҵеит.  Иара ихаҭа ари иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ишиҳәаз ала,  анапхгаратә партиа алидер иҭыҧгьы аанижьуеит.

«Апарламент аҿы иҟоу «Аконсервативтә партиа» алахәылацәа алидер ҿыц дрымазар рҭахуп, насгьы, аҧыза-министр ҿыц дырҭахуп, уи еилкаауп.  Алидер ҿыц иалхра апроцесс уажәаҵәҟьа иалагароуп, сара уи сақәшаҳаҭуп, анеҩстәи амчыбжь азы аҿҳәарақәа шьақәыргыланы, ишәаҳҳәоит», — иҳәеит  Борис Џьонсон.

Уаанӡа, апротест ҟаҵаны,  Борис Џьонсон икабинет иалҵит аминистрцәеи ачинуааи рацәаны,  дара ишырҳәаз ала,  Борис Џьонсон аус ицура рҭахым.  Ари апротест асексуалтә ҭыӡшәа иадҳәалоуп,  Борис Џьонсон  уи азы аҭамзаара шьҭеиҵеит.

Аиҳабыра алахәылацәа рнапынҵақәа рышьҭаҵара иалагеит апарламент аҿы  «Аконсервативтә партиа» алахәыла  Крис Пинчер идҳәалоу асексуалтә ҭыӡшәа амшала.  52 шықәса зхыҵуа аполитик  лондонтәи  аелитатә клубк аҿы, аҩыжәны ақәҧара далагеит, нас  ҩыџьа ахацәа ихҭеикит.  Ҧыҭраамҭак ашьҭахь ишеилкаахаз ала,  Борис Џьонсон идыруан Крис Пинчер уаанӡагьы асексуалтә ашьҭазаара шихарарҵоз, аха, уезгьы, амаҵзураҭыҧ ду ииҭеит. Борис Џьонсон ишиҳәаз ала, Крис Пинчер аиҳабыраҿы аусура дахьалаиргаз дахьхәоит.