Бырзентәыла кәалк змоу хаҿқәа реибагара шьақәзырӷәӷәаз раԥхьаӡатәи аиашахаҵаратә тәылоуп
Бырзентәыла апарламент кәалк змоу хаҿқәа реибагара иазку азакәан шьақәнарӷәӷәеит. Ари ала Бырзентәыла кәалк змоу хаҿқәа реибагара шьақәзырӷәӷәаз раԥхьаӡатәи аиашахаҵаратә тәылоуп, – аанацҳаит “Гардиан”.
Апарламент аҿы имҩаԥгаз аҵәҭаԥсараан азакәан иадгылеит 176-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 76-ҩык.
Акьыԥхь аинформациала, Бырзентәыла аԥыза-министр Кириакис Мицотакис ипартиаҿ агәаанагарақәа реиқәымшәара ҟалеит, аха Мицотакис ишааицҳаз ала, ари адемократиа аиҟарамра хыркәнашеит.
Азакәан даҿагылеит Бырзентәыла ԥасатәи аԥыза-министр Антонис Симарас. Иажәақәа рыла кәалк змоу хаҿқәа реибагара ауаҩытәыҩса изинқәа ирышьацәалам.