Бырзентәыла апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит уажәтәи аԥыза-министр ипартиа, аха аиҳабыра аиҿкааразы абариаер ахыԥара алымшеит
Бырзентәыла апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит уажәтәи аԥыза-министр ипартиа, аха аиҳабыра аиҿкааразы абариаер ахыԥара алымшеит

Бырзентәыла апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит уажәтәи аԥыза-министр Кириакос Мицотакис ипартиа “Иҿыцу адмократцәа”, аха аиҳабыра аиҿкааразы абариаер ахыԥара алымшеит. Аанацҳаит “Роитер”.

Иԥхьаӡоуп абжьқәа р-40,8% Кириакос Мицотакис ипартиа “Иҿыцу адмократцәа” аицит, аконкурент партиа “Сириза” – 20,1%.

Кириакос Мицотакис ипартиа  аиааира “аполитикатә адгьылҵысра” ауп ҳәа ааицҳаит.

Аихқәа рдыррақәа рыла, Бырзентәыла ахада Катерина Сакеларипулу Кириакос Мицотакис акоалициа аиҿкаара идалгалоит, аха заанаҵтәи адыррақәа рыла Мицотакис ари мап ацәикуеит.