Бџьарла ақәлараан  Азербаиџьан адепутат  Фазиль Мусҭафа ахәрақәа иоуит
Бџьарла ақәлараан  Азербаиџьан адепутат  Фазиль Мусҭафа ахәрақәа иоуит

Бџьарла ақәлараан  Азербаиџьан адепутат  Фазиль Мусҭафа ахәрақәа иоуит.

Адепутат иҩны ааигәара иқәлеит.   Мусҭафа амцабџьарла иоуз ахәрақәа рыла  ахәышәтәырҭашҟа днаргеит.

Иара ицхырааҩ ишааицҳаз ала,  Фазиль Мусҭафа иҧсҭазара ашәарҭара иҭагылам.

Аусеилыргаҩцәа ари ақәлара атерракт ҳасабала иахәаҧшуеит.  Азербаиџьан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусеилыргаратә маҵзура хада аусеилыргара иалагеит 2 пункт рыла  — аҳәынҭқарратәи ма ауаажәларратә усзуҩ  имаҵзуратә ма иполитикатә ауранагӡара аанкылара  ма ашьура амзызла иҧсҭазаара ҧырхага азаагаразы  иқәлареи, иара убас, закәандарала амцабџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи азы.