Биӡинеи Екатерина Иванишвилиаа ауаажәлар Қьырса ныҳәа рыдырныҳәалоит
Биӡинеи Екатерина Иванишвилиаа ауаажәлар Қьырса ныҳәа рыдырныҳәалоит

Аԥсадгьыла абзиабареи ирыбзоураны, иҿыцу Қырҭтәыла аиааира шагоагәра ҳгоит, – иануп  Биӡинеи Екатерина Иванишвилиаа Қьырсаныҳәа рыдырныҳәалеит.

“Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа,ишәыдыҳныҳәалоит аиашахаҵаҩцәа зегьы агәырӷьара рызҭо аныҳәа ду. Иахьа, абри амш аҽны, ҳара ҳагәқәа рҿы аџьашьахәы ҟалоит – Ҳаиқәырхаҩ Иаса Қьырса дииуеит!

Ҳара ари амш еснагь ҷыдала ҳазыԥшны ҳаԥылоит. Ҩнаҭацыԥхьаӡа аҿы аныҳәазы рҽазыҟарҵоит, избан акәзар, Қьырса ныҳәа арҿыцра, аԥсҭазаара ҿыц аира иадҳәалоуп.

Ҳтәыла аҭоурых аҿы изныкымкәа иаҳбахьеит, зегь реиҳа иуадаҩыз, гәыӷра змамызшәа иҟаз аҭагылазаашьақәа рҿгьы, ҳхачҳареи, ҳакзаареи, ҳтрадициақәа гәык ала рзыҟазаареи, рыхьчареи, ҳаԥсадгьыл абзиабареи рыбзоурала Қырҭтәыла иаҳа еиӷьу иҿыцу амш шаԥылаз!

Қьырса ныҳәа ҿыцк аиира иасимволуп, ҳара ари агәра ҳгоит, ҳҿаԥхьа иҿыцу, ихьыԥшым, зхы иақәиҭу, зхы иақәгәыӷуа, зыхьӡ нагоу Қырҭтәыла ииуеит ҳәа агәра ҳгоит.

Аԥсадгьыла абзиабареи ирыбзоураны, иҿыцу Қырҭтәыла аиааира шагоагәра ҳгоит

Иҳақәиҭу хылаԥшҩыс дҳамазааит! Қьырса ныҳәа шәыдыҳныҳәалоит!”, – иануп адныҳәалара аҿы.