Бениамин Неҭаниаҳу - Израиль атәылуаа, ҳара аибашьра ҳҭагылоуп, ҳара аиааира ҳгоит
Бениамин Неҭаниаҳу - Израиль атәылуаа, ҳара аибашьра ҳҭагылоуп, ҳара аиааира ҳгоит

Израиль атәылуаа, ҳара аибашьра ҳҭагылоуп, ҳара аиааира ҳгоит, – Израил ауааԥсыра рахь авидеоахазырхара ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу .

„Ҳаӷа уаанӡа ауаҩы имбацыз ахә ашәара иқәшәоит“, – иҳәеит Неҭаниаху.

Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит аҵысра “Ҳамас”. Аракетатә жәылара иалагаанӡа Израиль аҵакырахь иасит палестинатә аибашьцәа ргәыԥқәа.

Израиль Атәылахьчаратә мчқәа арратә ҭагылазаашьа рыларҳәеит.