Белгородтәи аобласт аҟны афедералтә ҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп, – аанацҳаит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷылақәа раԥыҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы аҳәынҭйарратә комиссиа изаамҭаным еилатәара ашьҭахь.
Урыстәыла аиҳабыра рыӡбара ала, Белгородтәи аобласт аҟны афедералтә ҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп. Ари аҭагылазаашьа ҷыда зегь реиҳа иҳараку аҩаӡароуп.
Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аинформациа ала, Белогородтәи аобласт аҟны аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рыцхырааразы аусурақәа мҩаԥысуеит, аха аҭыԥ змоу ахҭысқәа рмасштабқәа рымзызла, арегионтә напхгара рхала арҭ апроблема рҭыԥқәҵара рылшом.