Беларусь  польшатәи аҳәаатә ақалақь Брест иазааигәаны арратә азыҟаҵарақәа иалагеит
Беларусь  польшатәи аҳәаатә ақалақь Брест иазааигәаны арратә азыҟаҵарақәа иалагеит

Беларусь  польшатәи аҳәаатә ақалақь Брест иазааигәаны арратә азыҟаҵарақәа иалагеит. Агентра  «Реитер»  ари аинформациа аланарҵәеит Беларусь Атәылахьчара аминистрра аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Аминистрра адыррала, арратә азыҟаҵарақәа нагӡахоит цәыббра 14-нӡа.

Аусбарҭа адыррала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара апринципқәа инрықәыршәаны, арратә азыҟаҵарақәа раан ахархәара змоу атехника  ахыҧхьаӡара иазҧхьагәаҭаны, арҭ азыҟаҵарақәа ирызкны заанаҵы адырра ҟаҵатәымызт.